Аҟәа ахадара мҽхакыҭбала акурорттә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара иаҿуп
17:28 17.04.2026 (ирҿыцуп: 20:25 17.04.2026)

© Фото : Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 17 — Sputnik. Аҟәа ахадара мҽхакыҭбала акурорттә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара иаҿуп, абас иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.
"Ҳусқәа еснагь инаҳагӡо роуп — аҵлақәа рыхҵәара, иара убас аҿыцқәа, шықәсыктәи, акыршықәсатәи ачықьқәа реиҭаҳара ауп. Анаҩс, ҳара икьакьоу абзазаратә црыҵқәа ақәгаразы аусқәа наҳагӡоит. Ақалақь аҿы агәамсам ахьеизо аизакырҭатә ҭыԥ ҳамаӡам, уажәшьҭа ацрыҵқәа ишиашоу Гал агәамсамкаԥсарҭахь иаҳгоит", — иҳәеит иара.
Ҭарба иажәақәа рыла, амҩадуқәа рырлашаразы аусура ирҿуп — ишьақәыргылоуп ма иԥсахуп 2,5 нызқь инареиҳаны арлашагақәа.
"Баграт ишьха, аԥшаҳәаҿы иҟоу аевкалиптҵла дуқәа, агәашьаркырақәа ыҵырлашаауп, ус еиԥш иҟоу аҭыԥқәа 20 инареиҳауп. Ажәакала, ақалақь акурорттә аамҭахәҭазы даара илашахоит, ицқьахоит, иԥшӡахоит", — иҳәеит Константин Ҭарба.