Аҟәа аинтеллектуалтә хәмаррақәа рфестиваль хыркәшахеит
20:45 19.04.2026 (ирҿыцуп: 21:44 19.04.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
Аинтеллектуалтә хәмаррақәа рфестиваль аиҿкааҩцәа мшаԥы 29 рзы имҩаԥыргоит астол гьежь, уаҟа аофициалла афестиваль аихшьаалақәа ҟаҵахоит.
АҞӘА, мшаԥы 19 — Sputnik. Аҟәа аинтеллектуалтә хәмаррақәа рфестиваль хыркәшахеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аинтеллектуал-ҟазаратә клуб "Диуна" аиҿкааҩ, ахада Асиа Саносиан.
Аҩбатәи ахыркәшаратә амш аҽны имҩаԥысит "Ахатәы хәмарра" аицлабра. Уахь иалахәхарц зтахыз 50-ҩык рҟынтәи 27-ҩык ахәмарҩцәа алхын, урҭ рҟынтәи хҩык аҩаӡарақәа зегьы ирхысны афинал аҟынӡа инеит.
Ахәмарраҿы аԥхьахә згаз еилкаауп, аха урҭ рыхьӡқәа рҳәаӡом, ахәаԥшцәа аинтерес рызцәырнагарц азы ԥыҭарк ашьҭахь анҵамҭа Moore.TV канал аҿы иҟалоит ҳәа азгәалҭеит аиҿкааҩ.
Саносиан илҳәеит, афестиваль амҩаԥгара шалыршахаз Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд иҟанаҵаз адгылара иабзоураны. Апроект аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҿы инаган аиааира згаз 32 проект ирхыԥхьаӡалоуп.
Иара убас илҳәеит мшаԥы 29 рзы ишымҩаԥгахо астол гьежь афестиваль аихшьаалақәа рыҟаҵаразы.
Афестиваль актәи амш аҽны имҩаԥган ҩ-еицлабрак. "Иарбан? Иаба? Ианба?" аҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит акоманда "Зыԥсахы ԥжәо жәаҩык ахацәа", "Бреин Ринг" аҿы — "Роблоксаа".
Иааизакны аицлабрақәа ирылахәын 27 команда, урҭ рыбжьара иҟан ашколхәыҷқәа, астудентцәа, иара убас адуцәа.