Аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русеицуразы аилатәара мҩаԥысит
13:42 25.04.2026 (ирҿыцуп: 14:01 25.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 25— Sputnik. Аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русеицуразы жәларбжьаратәи аинырразы аԥкаанҵа анапы аҵаҩын аилак акоординациатә еилатәара аихшьаалақәа рыла.
Аусшәҟәы иҳәаақәнаҵоит — аҳәааҿтәи ацәгьоурақәа, атеррористтә шәарҭарақәа, закәаншьаҭада арҩашьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршара рҿагылара, ацәбгоура хьанҭа зуз рзы зыԥшаара рылаҳәоу ахаҿқәа раанкылараҿ ҳәа аанацҳаит Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа рхеилак.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут еиҭеиҳәеит 2025 шықәсеи 2026 шықәсқәа актәи аԥшьбареи рзы аусбарҭабжьаратә усеицура рылҵшәақәа.
Убас, урыстәылатәи аган иҟанаҵаз азыҳәа инақәыршәаны Аԥсны иаанкылан аекстремисттә усура иалахәын ҳәа агәҩара зызрымоу жәаҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Узбекисҭан, Таџьикисҭан, Ҭырқәтәыла ртәылауаа ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара убас, Аԥсны ацәгьоура ӷәӷәақәа ҟаҵаны Урыстәыла зҽызҵәахуа атәылауаа раанкылараҿы ацхыраара ҟарҵоит Урыстәыла ААР Краснодартәи атәылаҿацә аусбарҭа хадеи Ҟарачы-Черқьесиа АҩАР-еи иҳәеит Кьиут.
Уи адагьы, аусбарҭабжьаратә усеицура иабзоураны атранспорт аҿы ауаажәларра ршәарҭадара еиҿкаауп, ҷыдала, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы.