Ирма Ҳашыгԥҳа Аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум алахәылацәа дырԥылеит
13:51 25.04.2026 (ирҿыцуп: 14:26 25.04.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 25— Sputnik. Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа Аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум алахәылацәа дырԥылеит.
Аиԥылара аусутә шьыжьхьа аформат ала имҩаԥгахоит аҳәынҭдачаҿы.
Шьыжьхьа аԥхьа Ирма Ҳашыгԥҳаи афорум алахәылацәеи Аҳәынҭқарратә дача ахыбра аҿаԥхьа ашәҭқәа еицҭарҳаит — африкатәи агапантус, абжьынҵ, аҳәымсыл.
Иара убас, асасцәа рзы еиҿкаан Николаи Смецкои уажәтәи аҳәынҭдача аҵакыраҿы ишьҭеиҵаз абаҳча аҭоурых иазку аекскурсиа.
Мшаԥымза 24-25 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны — 2026". Иара азкуп аиҿкаара "Аԥсуа аҳәса наплакыҩцәа" 25 шықәса ахыҵра.
Афорум ахықәкы — аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы раԥхьатәи ашьаҿақәа инадыркны иахьа зҭәымҭа иҭагылоу аԥсуа аҳәса анаплакыҩцәа рыҿиареи рышьақәгылареи раарԥшроуп.