00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум аҩбатәи амш мҩаԥысуеит Пицунда

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииПервый форум учителей абхазского языка открылся в Пицунде
Первый форум учителей абхазского языка открылся в Пицунде - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 25— Sputnik. Гал араион аҟны инхо аԥсуа бызшәа дырҵаразы дара рбызшәа ацырхраарала аметодикақәа аԥҵатәуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит иҳәеит Галтәи аҩбатәи абжьаратә школ адиректор Ахра Кәакәасқьыр.

Гал араион аҟны аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рметод хеидкыла алахәылацәа Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум аусура иалахәуп.

"Аԥсуа бызшәа арҵараҟны иаҳԥылоит еиуеиԥшым ауадаҩрақәа, иаҳҳәап, аԥсуаа рыдагьы абызшәа зҵо егьырҭ амилаҭқәа — аурысцәа, агырцәа, аерманцәа уҳәа абызшәа рызнагара рзырмариатәуп, ирзырманшәалатәуп. Еиуеиԥшым амилаҭқәа ирзырхоу аметодикақәа аԥҵатәуп", — иҳәеит арҵаҩы.

Афорум алахәылацәа арҵагашәҟәқәа, аметодикақәа, азнеишьақәа инарҭбааны иалацәажәоит ҳәа азгәеиҭеит Кәакәасқьыр.
Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥышәа ду змоу арҵаҩцәеи, аметодистцәеи, аҵарауааи алекциақәа ирыԥхьоит, аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит. Алекциақәа рышьҭахь атемақәа еилдыргоит, уи иалнаршоит азеиԥш знеишьақәа рышьақәыргылара.
"Ҳԥышәа аизырҳаразы аҵарауаа алекциақәа иҳазрыԥхьоит, урт ҳаԥхьаҟа иҳахәо акакәны иҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит", — лхәеит арҵаҩы Асҭанда Аџьԥҳа.
Апрограмма иаҵанакуеит атеориатә лекциақәа рыдагьы апрактикатә зыҟаҵарақәагьы.
Аҟәатәи актәи абжьаратә школ арҵаҩы Ельза Кәыҵниаԥҳа лгәаангарала, аиԥш зеиԥшу афорумқәа лассы-лассы имҩаԥгалатәуп.
Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум мҩаԥысуеит мшаԥымза 24-26 рзы. Афорум аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны х-хырхарҭак рыла аусура еиҿкаахоит — аԥсуа бызшәеи алитературеи аԥсуа школқәа рҿы; аԥсуа бызшәа иаԥсыуаиа школқәа рҿы; алагарҭатә ҵара аԥсуа сектор аҿы. Ауснагӡатә еиднакылеит 250-ҩык арҵаҩцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0