Урыстәыла аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 200 инареиҳаны иҭадырхеит
09:52 26.04.2026 (ирҿыцуп: 10:19 26.04.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 26 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала, асааҭ 20:00 инаркны 07:00 рҟынӡа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 203 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Вологодтәи, Владимирсктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Липецктәи, Новгородтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Смоленсктәи, Тамбовтәи, Твертәи, Иарославтәи аобластқәеи, Москватәи арегионқәеи, Ҟрыми, Амшын еиқәа инахыкни.
Севастополь иаха зегь раасҭа адронқәа ахьжәылоз ҭыԥуп ҳәа адырра ҟаиҵеит агубернатор Михаил Развожаев. Ақалақь инахыкны 71 дрон ҭархан, аӡәы дҭахеит ԥшьҩык ахәрақәа роуит.