Урыстәылатәи агимнасткацәа қәыԥшцәа сынтәа Европа Ахраҿа агаразы аиндаҭлара изалахәхаӡом
10:26 27.04.2026 (ирҿыцуп: 11:05 27.04.2026)

© Sputnik / Владимир Песня
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 27 — Sputnik. Урыстәылатәи агимнасткацәа қәыԥшцәа сынтәа Европа Ахраҿа агаразы аиндаҭлара изалахәхаӡом.
Уи зыхҟьо ацәеижьаахақәа, аспорттә лҵшәақәа, ма алахәхара мап ацәкра ракәӡам, абиурократиатә ԥынгылақәа роуп.
Урыстәыла Агимнастиказы афедерациа ашәҟәбӷьыцқәа ианаамҭаз инанашьҭит, аха анеитралтә статус аиқәыршәаразы апроцедурақәа акыр идырххеит, анаҩс аспортсменкацәа ашәҟәы рҭагалара мап ацәыркит.
Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы уаанӡа Урыстәылеи Беларуссиеи рхаҭарнакцәа қәыԥшцәа аиндаҭларақәа рахь рнеиразы аԥкрақәа уаҳа иҟамлароуп ҳәа шырҳәахьазгьы, World Gymnastics еиԥш иҟоу жәларбжьаратәи афедерациақәа арҭ аҭахрақәа нарыгӡаӡом.
Европа Ахраҿа хацыркхоит Бақәа мшаԥы 30 рзы.