Аӷба "Комета" сынтәа Шәачантәи Аҟәаҟа иаауеит лаҵара жәохә рзы
11:58 27.04.2026 (ирҿыцуп: 12:49 27.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 27 — Sputnik. Аӷба "Комета" сынтәа Шәачантәи Аҟәаҟа иаауеит лаҵара жәохә рзы.
2025 шықәсазы аасҭа хымз ԥхьаҟа ихацаркуп аныҟәара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара" акоммерциатә усмҩаԥгатәқәа рзы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа.
Аныҟәарақәа мҩаԥысуеит ҩашалеи хәашалеи жьҭаарамзанӡа. Аҵыхәтәантәи ареис арыцхә макьана иалкааӡам, уи амш аҭагылазаашьа иабзоурахоит.
Аӷба "Космонавт Павел Попович" аԥышәаратә ныҟәара мҩаԥысит нанҳәа 6 рзы, насгьы 32 шықәса рышьҭахь раԥхьаӡа акәны Аԥсны иааит аӷба "Комета". Аӷба бжьысуан нанҳәа 30 инаркны жьҭаара 26-нӡа. Аныҟәарақәа зегьы апассаџьырцәа рыла иҭәын.
2026 шықәсазы Шәачеи Аҟәеи рыбжьара аӷба еиԥмырҟьаӡакәа ишбжьало атәы иҳәеит Урыстәыла атранспорт аминистр ихаҭыԥуаҩ Валентин Иванов афорум "Аԥсны ԥхьаҟатәи аинвестициақәа"аҿы.