Гагра афымцаҳақәа рырҿыцреи абонентцәа афымцамчԥхьаӡагақәа рыла реиқәыршәареи рзы аусура
13:20 29.04.2026 (ирҿыцуп: 18:29 29.04.2026)

© Sputnik / Владимир Песня
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 29 — Sputnik. Гагра афымцаҳақәа рырҿыцреи абонентцәа афымцамчԥхьаӡагақәа рыла реиқәыршәареи рзы аусура хацыркуп.
Абазгаа рымҩаду аҿы аспециалистцәа зымчхара ӷәӷәоу афымцамҩангагатә цәаҳәақәа шьҭарҵоит, аҩнеихагылақәа рыҩналарҭақәа рҿы зҭагылазаашьа бааԥсны икыдыз амаругақәа рыԥсахуеит.
Аенергетика аминистрра излаанацҳауа ала, Аҟәагьы аусурақәа шцац ицоит — ақалақь агәҭаны, Аҳабла ҿыц, Алашарбага аҳабла ахәҭак рҟны. Аҳаблақәа Синопи Турбазеи рҿы аусурақәа хыркәшоуп.