Гагра аестакада аҭӡамц аҟны аекспозициа "Аамҭа агалереиа" ақәҭыхра иалагеит
16:41 29.04.2026 (ирҿыцуп: 18:33 29.04.2026)

© Foto
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 29 — Sputnik. Гагра аестакада аҭӡамц аҟны аекспозициа "Аамҭа агалереиа" ақәҭыхра иалагеит.
Уи ианылоит фҩык аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа — Баҭал Џьапуа, Оҭар Мацхарашьвили, Тариел Амԥар, Асҭанда Ԥкьынԥҳа, Заур Аџьба, Леуарса Быҭәба русумҭақәа-рықәҭыхқәа.
Ари апроект "Феникс" аҳәаақәа ирҭагӡаны амонументалтә ҿыханҵа ахьаарԥшу аԥшьбатәи ҭыԥхеит ҳәа Гагра-ТВ иазеиҭеиҳәеит Даниил Семикрас.
Иара иазгәеиҭеит даҽа ҩ-сахьак Гагра ашкол аҭӡамцқәа рахь риагара ргәы ишҭоу.
Апроект нанагӡоит ИАЕ "Абааҭа", Урыстәылатәи ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала, аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақь аҿы иаԥырҵоит амонументалтә сахьақәа 5, урҭ рсиужетқәа иаадырԥшуеит амца иалаблыз жәҩык аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа.
2024 шықәса ажьырныҳәамзазы иҟалаз амцакра иахҟьаны Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра ааха ӷәӷәа аиуит, Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд шьаҭанкыла иблит уҳәар алшоит. 4 нызқь рҟынӡа иҟаз асахьақәа рҟынтәи зеиқәырхара алыршахаз 200 зыҵәык роуп.