Аԥснытәи амузыкантцәа ҿарацәа аҵарадырра-арккаратә проект алахәхаразы алшара рымоуп
20:53 29.04.2026 (ирҿыцуп: 02:40 30.04.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 29 — Sputnik. Аԥснытәи амузыкантцәа ҿарацәа аҟазаратә арт-кластер "Таврида" аҿы имҩаԥысуа аҵарадырра-арккаратә проект "Донбасский экспресс" алахәхаразы алшара рымоуп.
Леонид Лундстрем ишкол-фестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау аицлабра мҩаԥысуеит 2026 шықәса рашәара 13 инаркны 25-нӡа.
Апрограмма хықәкыс иамоуп арҿиаҩцәа ҿарацәа рыцхыраареи рыҿиареи, акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәареи, иара убас Урыстәылатәи анагӡаратә ҟазара атрадициақәа реиқәырхареи, абри атәы азгәаҭоуп Аԥсны акультура аминистрра адырраҭараҿы.
Аицлабра алхрақәа рылахәхаразы арзаҳалқәа рыдыркылоит онлаин, мшаԥымза 30 рҟынӡа.
Апроект иазку инарҭбаау аинформациа аҭҵаара ҟалоит аицлабра аофициалтә саит аҿы.