Аҟәеи Нальчики рыбжьара аҳаиреимадара аусура аларгара иалацәажәеит Минводы афорум аҿы
16:29 30.04.2026 (ирҿыцуп: 00:42 01.05.2026)

© Sputnik / Леон Адлейба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 30 — Sputnik. Аҟәеи Нальчики рыбжьара аҳаиреимадара аусура аларгара иалацәажәеит Кавказтәи аинвестициатә форум аҿы.
Аиԥылара рхы аладырхәит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Ҟабарада-Балкариа ахада Казбек Кокови ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба ТАСС аинтервиу аҭо.
Аиԥылара рхы аладырхәит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Ҟабарада-Балкариа ахада Казбек Кокови ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба ТАСС аинтервиу аҭо.
"Ҳара ҳақәгәыӷуеит аҳаирԥыррақәа ргеографиа арҭбаара – атуристтә усхк аҿиарагьы уахь иналаҵаны, аизҳара рнаҭап ҳәа. Иҳамаӡам агәаҳәара, ус баша амаршрутқәа рхыԥхьаӡара ҳаррацәап ҳәа. Доусы амаршрутқәа економикала еимадоуп, ишьаҭаркуп афеида аиуразы, ҳәара аҭахума, хра рымазарц", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Делба.
Аԥсни Урыстәыла ақалақьқәеи рыбжьара аҳаиреимадара еиҭахацыркын 2025 шықәса лаҵара 1 азы.

