Урыстәыла аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 100 инареиҳаны иҭадырхеит
09:10 04.05.2026 (ирҿыцуп: 10:13 04.05.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 4 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала, асааҭ 20:00 инаркны 07:00 рҟынӡа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 117 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Астрахантәи, Белгородтәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Липецктәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Саратовтәи, Смоленсктәи, Улиановсктәи аобластқәеи Москватәи арегионқәеи рҿы.