Апроект "Жәларбжьаратәи АтехноМҩақәҵара" аихшьаалақәа мҩаԥыргоит ААУ аҿы
11:17 05.05.2026 (ирҿыцуп: 11:48 05.05.2026)

© Sputnik / Бадрак Авидзба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 5 — Sputnik. Апроект "Жәларбжьаратәи АтехноМҩақәҵара" аихшьаалақәа мҩаԥыргоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.
Иахьа ашколхәыҷқәа акомиссиа алахәылацәа ирыдыргалоит рпроектқәа — аробат-напы, амра абатареиала иныҟәо амашьына, аԥшамрҿиага маҷ.
Иахьа ашколхәыҷқәа акомиссиа алахәылацәа ирыдыргалоит рпроектқәа — аробат-напы, амра абатареиала иныҟәо амашьына, аԥшамрҿиага маҷ.
"Иарбоу апроект 2025 шықәса ԥхынҷкәынмза аахыс анагӡара иаҿуп. Ҳара ҳахьӡахьеит Аԥсны араионқәа зегьы ҳрылсны анџьныр дазусҭоу, уажәы уи еиҳа дзаҭаху уҳәа рзы алекциақәа рымҩаԥгара, ААУ аҿы азанааҭхырхарҭатә лекциақәеи аҟазаратә-классқәеи рымҩаԥгара", — ҳәа лҳәеит Жәлар рдипломатиа ацентр аҵареи акультуреи рпроектқәа рменеџьер Софиа Ҳагԥҳа.
Новосибирсктәи атехнологиатә университети ААУ агроинженертә факультети ртехникатә профильтә факультетқәа рстудентцәа ашколхәыҷқәа рзы амҩақәҵаҩцәа рроль нарыгӡон.
Апроект "Жәларбжьаратәи АтехноМҩақәҵара" Аԥсны 24 школ рҿы имҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит 800-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа.
ААУ Жәлар рдипломатиа ацентри Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә техникатә университети иаздырхиаз апрограмма хықәкыс иамоуп еиҵагыло абиԥара анџьнырра абзиабара рылааӡара.