Аҟәа ақалақь аҿы амаининг-ферма рыԥшааит
21:26 05.05.2026 (ирҿыцуп: 23:34 05.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 5 — Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы амаининг-ферма рыԥшааит ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Амаругақәа Гәымсҭатәи амассив аҿы уаҩ дызхымыз, ирхьчоз ауадаҿы иқәыргылан. Дара Алиас Ҳаразиа итәын, насгьы афымцаҳа иаҿаԥшьын.
Зегьы еицҵаны инырхуаз афымцамч амчхара 5 кВт·сааҭ ҟалеит. Аимаругақәа ықәганы Аҳәынҭстандарт ахь ирыҭоуп.