Аинар Ҷыҭанаа ажурнал "Алашара" аредактор хада и.н. далхуп
10:23 08.05.2026 (ирҿыцуп: 12:18 08.05.2026)

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 8 — Sputnik. Апоет Аинар Ҷыҭанаа ажурнал "Алашара" аредактор хада инапынҵақәа рынагӡарас далхуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
"Аредакциаҿы иҟоу атрадициақәа аԥхьаҩцәа, амилаҭтә литература абзиабаҩцәа ибзианы ирдыруеит. Ари 70 шықәса инеиԥынкыланы аԥсышәала мацара иҭыҵуа журнал хадоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иаҵанакуа аҭыжьымҭаҿы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус руан аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы.
"Ажурнал аредактор хадас акыр шықәса аус иуит ҳҩыза Анатоли Лагәлаа. Иара редакторс мацара акәымкәа, Аԥсны алитературатә ԥсҭазаара инагӡаны далахәын, аҩымҭа ҟаимаҭқәа иҩуан", — иҳәеит иара.
Ҷыҭанаа икандидатура шьақәырӷәӷәан Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәылацәа рыбжьыҭарала.
Апоет Ҷыҭанаа иҩымҭақәа реизга ҭыҵхьеит, даҽакгьы аҭыжьра азгәаҭоуп. Иара ихаҭыԥуаҩыс далхуп апоетесса, апублицист Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа.
Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла анапхгаҩцәеи, иара убас ажурналқәеи агазеҭқәеи рредактор хадацәеи рышьақәырӷәӷәара мҩаԥысуеит хәышықәса рахь знык имҩаԥысуа аизара ду аҿы ҳәа азгәеиҭеит иара. Анаҩстәи аизара ду азгәаҭоуп 2027 шықәсазы.

Ажурнал "Алашара" аредактор хада, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иԥсҭазаара далҵит ҳазҭоу ашықәс жәабран 15 рзы.
Аинар Ҷыҭанаа диит нанҳәа 1, 1999 шықәсазы Очамчыра араион Баслахә ақыҭан.
Далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, ажурналистика аҟәша.
2019 шықәсазы иҭижьит ажәеинраалақәа реизга "Аҵәахырҭа" аԥсышәала. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла далоуп 2022 шықәса раахыс.