Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥысит акциа "Агәалашәара амцабз"
08:20 09.05.2026 (ирҿыцуп: 09:37 09.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 8 — Sputnik. Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥысит акциа "Агәалашәара амцабз".
Аусмҩаԥгатә азкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира 81 шықәса ахыҵра.
Амемориал ахь инаргеит иҷыдоу акәаҷаб ала иаагоу Иҿымцәаауа амцабз аҟәырҷаха, уи ала абаҟа амҵан мца адаркит.
Жәлар рфронт ахаҭарнакцәа лаҵара 7 рзы Иҿымцәаауа амцабз Аҟәаҟа иааргеит, анаҩс уи Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи ирырҭеит.
Акциа "Агәалашәара амцабз" мҩаԥысит Москва Александртәи абаҳчаҿы. Иҿымцәаауа амцабз аҟәырҷаха Урыстәыла ақалақьқәеи атәылақәа жәпаки рахь инаргеит.