00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа ҵарауаҩ нага Гьаргь Амҷба диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит иахьа

© telegram sputnik_apsny_infoАԥсуа ҵарауаҩ нага Гьаргь Амҷба диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит иахьа
Аԥсуа ҵарауаҩ нага Гьаргь Амҷба диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит иахьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 10 — Sputnik. Аԥсуа ҵарауаҩ нага Гьаргь Амҷба диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит иахьа.

Иналукааша аҭоурыхдырҩы, кавказҭҵааҩ, ахыҵхырҭаҭҵааҩ, аетнолог, аиҭагаҩ, Аԥсуа университет апрофессор.

1958 шықәса инаркны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус иуан. Аҟәатәи арҵаҩратә институт адекан; ауниверситет аҟны — Аҭоурыхи, аетнологиеи, археологиеи ркафедра деиҳабын. Ҩба-хԥа маҭәар дрыԥхьон (ажәытә ҭоурых, абжьарашәышықәсақәа раамҭа), хазы ахыҵхырҭаҭҵаареи аҭоурыхҭҵаареи рзы аспецкурсқәа мҩаԥигон. Аспирантцәа азыҟаиҵон. Иусумҭақәа хархәара рыҭаны аӡәырҩы ркандидаттә диссретациақәа рыхьчеит.

Гьаргь Амҷба аҭҵаарадырраҿы хырхарҭа хадас иалихит заатәи абжьарашәышықәсақәа рҭоурых. Иҭиҵааит, иҩит VI–X ашәышықәсақәа рзы Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа шыҟаз, ажәлар рынхамҩа, ркультура, ридеологиа зеиԥшраз.

Уи инаваргыланы иара деиҭагаҩ дуун, абызшәақәа идыруан, Аԥсны иазку ахыҵхырҭақәа иԥшаауан. Аԥсшәахь еиҭеигеит антрополог Сула Бенет лусумҭақәа, румынтәи ашәҟәыҩҩы Виктор Кернбах ишәҟәы, венгриатәи аҭоурыхҭҵааҩ Тарди итәқәа; аурысшәахь еиҭеигеит абжьарашәышықәсазтәи ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа жәпакы.

Авторс дызмоу аусумҭақәа 100 инарзынаԥшуеит, амонографиақәа 10 инапы иҵыҵит, қәра дук шнеимгазгьы. Иџьабаа Кавказ аҩнуҵҟа, уи анҭыҵ ахә ҳаракны иршьоит. Аԥсуа университет аҿы иҟоуп ихьӡ зху ауада, иаԥҵоуп ихьӡ зху астипендиа.

2004 шықәсазы алашара абеит Арвелод Кәыпрааи Валери Бигәааи еиқәдыршәаз Гьаргь Амҷба Иусумҭақәа (Аҭоурых. Аетнографиа) аԥсышәала, аҵарауаҩ илагалеи иуаҩышәатә ҟазшьақәеи гәылҭәааны иузырбо.
Ажәабжьқәа зегьы
0