УАМ: лаҵара 1-3 рзы Аԥсныҟа иааз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара — 17% ихалеит
12:25 10.05.2026 (ирҿыцуп: 13:12 10.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 10 — Sputnik. Лаҵара 1-3 рзы Аԥсныҟа иааз аҧсшьаҩцәа рхыҧхьаӡара, ҵыԥх абри аамҭеихша арбагақәа иаҿырԥшны — 17% ихалеит.
32 шықәса аус зымуаз Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра арҭ ахыҧхьаӡарақәа рышьҭхра иацхрааит ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла атуристтә маҵзурақәа Алианс ахада ихаҭыԥуаҩ Алексан Мкртчиан.
Иара убас, лаҵарамзазтәи аныҳәақәа аҩбатәи рызбжазы, актәи иаҿырԥшны — атуристцәа рхыԥхьаӡара 20% рыла иацлар ҟалоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Уи адагьы, Мкртчиан Аԥсны асасааирҭақәа рҿы ахәқәа Шәача аасҭа 15-20% рыла еиҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
"Аԥснытәи асасааирҭақәа шәачатәи рколлегацәа раасҭа 25-30% рҟынӡа ахәқәа еиҵаны иркуп. Иаҳҳәап, Аԥсны иҟоу аеҵәақәа ԥшьба змоу асасааирҭа лаҵарамзазы уахыки — ҽнаки рыла 15-16 нызқьмааҭ иаԥсоуп, Шәача — 22 нызқьмааҭ", — иҳәеит АТА ахада ихаҭыԥуаҩ.