Украина арратә операциа ҷыда аҵакыраҿы аамҭалатәи аинышәара 16 нызқьынтә еиларгеит
13:27 10.05.2026 (ирҿыцуп: 14:11 10.05.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 10 — Sputnik. Украина арратә операциа ҷыда аҵакыраҿы аамҭалатәи аинышәара 16 нызқьынтә еиларгеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла УкАМ урыстәылатәи архәҭақәа аантә иажәлеит, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла 6,3 нызқь инареиҳаны ажәыларақәа ҟарҵеит.
Иара убас ирыжәлеит Ҟрыми, Белгородтәи, Курсктәи, Калугатәи, Ростовтәи аобластқәа, Краснодартәи атәылаҿацә рҟны иҟоу ауаажәларратә хыбрақәа.
Урыстәылатәи аруаа аинышәара аилагарақәа раан аҭактә жәыларақәа мҩаԥыргон.
Урыстәыла Арбџьармчқәа аинышәара иақәныҟәоит, уаанӡа иааныркылахьаз аҳәаақәа рҿы игылоуп рҳәеит аусбарҭаҿы.
Урыстәыла Аиааира Ду азгәаҭара инамаданы лаҵара 8-10 рзы аинышәара рыланаҳәеит. ЕАА иҟанаҵаз аԥшьгарала аинышәара амшқәа рыҿҳәара иацҵан лаҵара 11 рҟынӡа.