https://sputnik-abkhazia.info/20260512/1062928997.html
Лаҵара 16-17 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Лӡаа Fest
Лаҵара 16-17 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Лӡаа Fest
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 12 — Sputnik. Лаҵара 16-17 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Лӡаа Fest ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку Софиа Дбарԥҳа. 12.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-12T10:00+0300
2026-05-12T10:00+0300
2026-05-12T10:37+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
пицунда
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/08/1031799886_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_f20fc3d07e1d1098c92a89d7cb71c03f.jpg
АҞӘА, лаҵара 12 — Sputnik. Лаҵара 16-17 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Лӡаа Fest ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку Софиа Дбарԥҳа.Афестиваль ареспубликаҿы ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи, аха сынтәа уи ҩымш имҩаԥысуеит.Дбарԥҳа лажәақәа рыла, апрограмма арҭбаара алшара ҟанаҵеит асахьаҭыхыҩцәа лабҿаба рыхәаԥшрала арт-кластер амҩаԥгара, ахәылԥазтәи акинозал аартра, рыҽдырҭбаауеит амузыкатәи алекциатәи апрограммақәа. "Ҳара уаанӡеиԥш аҭҵаарадырреи, аҟазареи, аԥсабареи рҳәаа аԥыраҳхуеит. Араҟа урҭ иаку ҭагылазаашьаны иҟалоит", — лҳәеит лара.Зынӡа апрограмма иалахәуп 25-ҩык инареиҳаны алахәылацәа – аҵарауаа, асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа, анапҟазацәа. Анеира хәыда-ԥсадоуп, афестиваль ареликттә мзаҵлақәа рымҵа имҩаԥгахоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250517/gagra-araion-laa-aya-asaray-aaaradyrra-sakharkyrat-festival-laa-fest-maysit-1054962492.html
пицунда
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/08/1031799886_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_1c33245559b89519303def77db6591a2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, пицунда
ажәабжьқәа, аԥсны, пицунда
Лаҵара 16-17 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Лӡаа Fest
10:00 12.05.2026 (ирҿыцуп: 10:37 12.05.2026) АҞӘА, лаҵара 12 — Sputnik. Лаҵара 16-17 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Лӡаа Fest ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку Софиа Дбарԥҳа.
Апрограммаҿы иҟоуп алекциақәа, ашколхәыҷқәа рзы аҭҵаарадырратә интерактив, асахьаҭыхыҩцәа рҟазаратә-классқәа, амузыка, адәаҿы акинорбарақәа, Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи ансамбль "Гәындеи" злахәу Оҭар Хәынҵариа изку аконцерт ду.
Афестиваль ареспубликаҿы ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи, аха сынтәа уи ҩымш имҩаԥысуеит.
Дбарԥҳа лажәақәа рыла, апрограмма арҭбаара алшара ҟанаҵеит асахьаҭыхыҩцәа лабҿаба рыхәаԥшрала арт-кластер амҩаԥгара, ахәылԥазтәи акинозал аартра, рыҽдырҭбаауеит амузыкатәи алекциатәи апрограммақәа.
"Ҳара уаанӡеиԥш аҭҵаарадырреи, аҟазареи, аԥсабареи рҳәаа аԥыраҳхуеит. Араҟа урҭ иаку ҭагылазаашьаны иҟалоит", — лҳәеит лара.
Зынӡа апрограмма иалахәуп 25-ҩык инареиҳаны алахәылацәа – аҵарауаа, асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа, анапҟазацәа.
Анеира хәыда-ԥсадоуп, афестиваль ареликттә мзаҵлақәа рымҵа имҩаԥгахоит.