Украина Арбџьармчқәа 30 383-нтә аоперациа ҷыда азонаҿы аинышәара арежим еиларгеит
13:13 12.05.2026 (ирҿыцуп: 13:58 12.05.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 12 — Sputnik. Украина Арбџьармчқәа 30 383-нтә аоперациа ҷыда азонаҿы аинышәара арежим еиларгеит ҳәа рҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны.
Аибашьра аанкылара арежим хыркәшахеит иаха ҵхыбжьон, иара аус ауан лаҵара 8 инаркны.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки мацара аӷа хәынтә ажәылара иҽазишәеит, РСЗО-и артиллериеи рыла урыстәылатәи ар рпозициақәа 859-нтә дрылахысит, БпЛАқәа рхархәарала 5 825 ааха ҟаиҵеит.
Урыстәылатәи ар Аиааира 81 шықәса ахыҵра азгәаҭара аамҭазы арежим ӷәӷәала иқәныҟәон, иааныркылаз аҳәаақәа рҿы игылан, УкрАМ рхымҩаԥгашьа аҭак ҟарҵон.
Аинышәара анхыркәшаха ашьҭахь арратә операциа ҷыда амҩаԥгара иацҵоуп.