Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 355 ҭадырхеит
09:34 15.05.2026 (ирҿыцуп: 10:36 15.05.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 15 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 355 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭадырхеит Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Орловтәи, Псковтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Смоленсктәи, Тамбовтәи, Твертәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.
Иара убас адронқәа кажьын Москватәи арегионқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Калмыкиеи, Ҟрыми, Азовтәии Каспиатәии амшынқәа инахыкни.
