https://sputnik-abkhazia.info/20260516/1063063919.html
Аԥсны "Аҵх амузеи аҿы" мҩаԥгахоит лаҵара 18 рзы
Аԥсны "Аҵх амузеи аҿы" мҩаԥгахоит лаҵара 18 рзы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 16 — Sputnik. Аԥсны "Аҵх амузеи аҿы" мҩаԥгахоит лаҵара 18 рзы ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра. 16.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-16T17:06+0300
2026-05-16T17:06+0300
2026-05-16T18:05+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/1a/1045481123_0:161:3068:1887_1920x0_80_0_0_bf711e283fdd46303c26f6546eb1aa3c.jpg
АҞӘА, лаҵара 16 — Sputnik. Аԥсны "Аҵх амузеи аҿы" мҩаԥгахоит лаҵара 18 рзы ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы аҭааҩцәа х-цәыргақәҵак абара рылшоит: "Аӡы иҭоуи аӡы азааигәаратәи аԥсаатә", "Аҳаԥшьа", "Аԥсны ақьабзқәа: адин, атрадициа, асинкретизм". Иара убас уаҟа имҩаԥгахоит авикторина, иаиааиз аҳамҭақәа ранашьахоит.Апрограмма алагоит асааҭ 18:00 рзы ихыркәшахоит ҵхагәы азы.В. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә Ахьӡ-Аԥша аҳәынҭқарратә музеи апрограмма еиҳа цәыкьа иалагоит. Асааҭ 14:00 рзы имҩаԥгахоит аконцерт, анаҩс 15:00 рзы — авикторина. Асааҭ 17:00 рзы иаатуеит Аԥснынтәи АОҶ аҿы иҭахаз ирызку афотоцәыргақәҵа.Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асааҭ 17:00 инаркны иаартуп ацәыргақәҵа "Анатиурморт. Зыԥсы ҭоу аԥсабара".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/1a/1045481123_169:0:2900:2048_1920x0_80_0_0_cb1de087607d21c8bb6d5465f39f70ac.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Аԥсны "Аҵх амузеи аҿы" мҩаԥгахоит лаҵара 18 рзы
17:06 16.05.2026 (ирҿыцуп: 18:05 16.05.2026) АҞӘА, лаҵара 16 — Sputnik. Аԥсны "Аҵх амузеи аҿы" мҩаԥгахоит лаҵара 18 рзы ҳәа
аанацҳауеит Акультура аминистрра.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы аҭааҩцәа х-цәыргақәҵак абара рылшоит: "Аӡы иҭоуи аӡы азааигәаратәи аԥсаатә", "Аҳаԥшьа", "Аԥсны ақьабзқәа: адин, атрадициа, асинкретизм". Иара убас уаҟа имҩаԥгахоит авикторина, иаиааиз аҳамҭақәа ранашьахоит.
Апрограмма алагоит асааҭ 18:00 рзы ихыркәшахоит ҵхагәы азы.
В. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә Ахьӡ-Аԥша аҳәынҭқарратә музеи апрограмма еиҳа цәыкьа иалагоит. Асааҭ 14:00 рзы имҩаԥгахоит аконцерт, анаҩс 15:00 рзы — авикторина. Асааҭ 17:00 рзы иаатуеит Аԥснынтәи АОҶ аҿы иҭахаз ирызку афотоцәыргақәҵа.
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асааҭ 17:00 инаркны иаартуп ацәыргақәҵа "Анатиурморт. Зыԥсы ҭоу аԥсабара".