https://sputnik-abkhazia.info/20260516/1063066931.html
Лӡаа ақыҭан иаатит афестиваль Ldzaa Fest
Лӡаа ақыҭан иаатит афестиваль Ldzaa Fest
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 16 — Sputnik. Лӡаа ақыҭан иаатит афестиваль Ldzaa Fest ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.Аусмҩаԥгатә актәи амш даара ахҭыс рацәала иҭәын. Алахәылацәа... 16.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-16T20:14+0300
2026-05-16T20:14+0300
2026-05-16T22:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
гагра араион
пицунда
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/0e/1040929817_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_f3ee7620144941608fec608ddfbd5f87.jpg
АҞӘА, лаҵара 16 — Sputnik. Лӡаа ақыҭан иаатит афестиваль Ldzaa Fest ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.Аусмҩаԥгатә актәи амш даара ахҭыс рацәала иҭәын. Алахәылацәа аеколог Михаил Кириа иажәахә "Апластика амҩа" иазыӡырҩит, ашәарҭара иҭагылоу аҵиаақәа ирызку аӡыргара иахәаԥшит, асахьаҭыхыҩцәа русура гәарҭеит, акино иахәаԥшит, аԥсамзақәа еиҭарҳаит.Зегь реиҳа иқәыԥшу алахәылацәа анышәаԥшь аус адырулит.Раԥхьатәи амш хыркәшахеит Оҭар Хәынҵариа игәалашәара иазку аконцерт ала, уаҟа иқәгылеит Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи ансамбль "Гәындеи".
гагра араион
пицунда
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/0e/1040929817_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_40a9612780b4ae16d5d99420e0924a4a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, гагра араион, пицунда
ажәабжьқәа, аԥсны, гагра араион, пицунда
Лӡаа ақыҭан иаатит афестиваль Ldzaa Fest
20:14 16.05.2026 (ирҿыцуп: 22:00 16.05.2026) АҞӘА, лаҵара 16 — Sputnik. Лӡаа ақыҭан иаатит афестиваль Ldzaa Fest ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Аусмҩаԥгатә актәи амш даара ахҭыс рацәала иҭәын. Алахәылацәа аеколог Михаил Кириа иажәахә "Апластика амҩа" иазыӡырҩит, ашәарҭара иҭагылоу аҵиаақәа ирызку аӡыргара иахәаԥшит, асахьаҭыхыҩцәа русура гәарҭеит, акино иахәаԥшит, аԥсамзақәа еиҭарҳаит.
Зегь реиҳа иқәыԥшу алахәылацәа анышәаԥшь аус адырулит.
Раԥхьатәи амш хыркәшахеит Оҭар Хәынҵариа игәалашәара иазку аконцерт ала, уаҟа иқәгылеит Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи ансамбль "Гәындеи".