https://sputnik-abkhazia.info/20260516/1063069185.html
Ааҩык ашәаҳәаҩцәеи акәашаратә гәыԥқәа хԥеи "Жәлар рсцена — Лабҿаба" афинал ахь инеит
Ааҩык ашәаҳәаҩцәеи акәашаратә гәыԥқәа хԥеи "Жәлар рсцена — Лабҿаба" афинал ахь инеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 16 — Sputnik. Ааҩык ашәаҳәаҩцәеи акәашаратә гәыԥқәа хԥеи ахәыҷтәы проект "Жәлар рсцена — Лабҿаба" афинал ахь инеит.Афиналбжахь 12-ҩык авоклистцәа... 16.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-16T22:57+0300
2026-05-16T22:57+0300
2026-05-16T23:16+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/10/1063069288_0:476:850:954_1920x0_80_0_0_8f5f977deea9770e59cd509e02de1fa2.jpg
АҞӘА, лаҵара 16 — Sputnik. Ааҩык ашәаҳәаҩцәеи акәашаратә гәыԥқәа хԥеи ахәыҷтәы проект "Жәлар рсцена — Лабҿаба" афинал ахь инеит.Афиналбжахь 12-ҩык авоклистцәа ыҟан, аха аӡбаҩцәа рыӡбамҭала урҭ рҟынтәи ԥшьҩык анаҩстәи атур ахь изымцаӡеит.Убри аан, иахьа асценаҿы иқәгылаз акәашаратә гәыԥқәа рыхԥагьы аиааира агаразы алшара рымоуп.Апроект амҩаԥгаҩ Давид Цәышба иажәақәа рыла, еиҳа иӷәӷәоу алахәылацәа аанхеит."Апроект иааизакны Урыстәыла еиԥш, адунеизегьтәи аҩаӡараҿы ақәгылара зылшо артистцәеи, аҟазаратә гәыԥқәеи, ансамбльқәеи ралкаара иазырхоуп. Ҳара урҭ амҩақәҵарақәа раҳҭоит, иахәҭоу аформа аԥшаараҿы ҳрыцхраауеит", — ҳәа иҳәеит иара.Ахәыҷтәы еицлабра афинал мҩаԥысуеит рашәарамза алагамҭазы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/10/1063069288_0:396:850:1034_1920x0_80_0_0_c4523b0c09d3d7091d63298a7d482a3d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Ааҩык ашәаҳәаҩцәеи акәашаратә гәыԥқәа хԥеи "Жәлар рсцена — Лабҿаба" афинал ахь инеит
22:57 16.05.2026 (ирҿыцуп: 23:16 16.05.2026) АҞӘА, лаҵара 16 — Sputnik. Ааҩык ашәаҳәаҩцәеи акәашаратә гәыԥқәа хԥеи ахәыҷтәы проект "Жәлар рсцена — Лабҿаба" афинал ахь инеит.
Афиналбжахь 12-ҩык авоклистцәа ыҟан, аха аӡбаҩцәа рыӡбамҭала урҭ рҟынтәи ԥшьҩык анаҩстәи атур ахь изымцаӡеит.
Убри аан, иахьа асценаҿы иқәгылаз акәашаратә гәыԥқәа рыхԥагьы аиааира агаразы алшара рымоуп.
Апроект амҩаԥгаҩ Давид Цәышба иажәақәа рыла, еиҳа иӷәӷәоу алахәылацәа аанхеит.
"Апроект иааизакны Урыстәыла еиԥш, адунеизегьтәи аҩаӡараҿы ақәгылара зылшо артистцәеи, аҟазаратә гәыԥқәеи, ансамбльқәеи ралкаара иазырхоуп. Ҳара урҭ амҩақәҵарақәа раҳҭоит, иахәҭоу аформа аԥшаараҿы ҳрыцхраауеит", — ҳәа иҳәеит иара.
Ахәыҷтәы еицлабра афинал мҩаԥысуеит рашәарамза алагамҭазы.