Урыстәыла Арбџьармчқәа Харковтәи аобласт аҿы Волоховка ахы иақәиҭыртәит
12:12 19.05.2026 (ирҿыцуп: 14:46 19.05.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 19 — Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа Харковтәи аобласт аҿы иҟоу аиланхарҭа Волоховка ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-атактикатә авиациала, ажәыларатә дронқәа рыла, аракетатә мчқәеи, артиллериалеи Урыстәыла аԥхасҭа рыҭоуп аенергетикатәи абаӷәазатәи аинфраструктурақәа, аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа, хараԥырратә дронқәа реизгарҭақәа, украинатәи арбџьармчқәеи аҳәаанырцәтәи ақьырауаҩцәа рзы аамҭалатәи аҭыԥқәа 152 раион рҿы.
Аҳауахьчаратә хархәагала иҭархоуп имҩақәҵагоу артҟәацгақәа 5, аҳаиртә хкқәа иреиуоу 651 дрони.
Иааизакны, АОҶиалагеижьҭеи иҭархоуп: 671 ҳаирплан, 284 верталиот, 148 843 адронқәа, 661 азенит ракетатә комплексқәа, 29,326 атанкқәеи егьырҭ аибашьыгатә машьынақәеи, 1 7433 РСЗО аибашьыгатә машьынақәеи, 34 999 аибашьыгатә аминаршәгатәи адәнытә артиллериеи, 61 990 ак иҷыдоу аибашьыгатә амашьынатә техника.