Иракли Ҭыжәба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп
15:03 20.05.2026 (ирҿыцуп: 23:13 20.05.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 20 — Sputnik. Иракли Ҭыжәба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Уи азы адҵа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба.

Иракли Ҭыжәба 2002 шықәсазы ААУ аҭоурых-зиндырратә факультет далгеит.
2004 шықәса инаркны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиуеиԥшым амаҵзуратә ҭыԥқәа ааникылон — Аинформациа-аналитикатә ҟәша аиҳабыс, Урыстәылеи ИАР рыҟәша аиҳабы, аполитикатә ҟәша аиҳабы, аминистр ицхырааҩ.
2015 шықәса инаркны Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа рлахәыла.
2013 шықәсазы Ҭыжәба ианашьан адипломатиатә ранг – Азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ II акласс, 2020 шықәсазы — I акласс, 2023 шықәса инаркны — Азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ.