Бадра Гәынба Аԥсны аполитикатә мчқәа ааиԥхьеит атәыла аԥеиԥш азы рымчқәа еидыркыларц
20:44 20.05.2026 (ирҿыцуп: 22:31 20.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 20 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны аполитикатә мчқәа ааиԥхьеит атәыла аԥеиԥш азы рымчқәа еидыркыларц ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Иахьа атәыла ахада имҩаԥигеит аҳәынҭқарра ахада иҿы Аполитикатә мчқәа рабжьгаратә хеилак ашьақәыргыларазы актәи аилатәара.
Уи иалахәын апартиа "Амцахара" ахантәаҩы Алықьса Цыгәба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аресублика-уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа, апартиа Аԥсны жәлар ракзаара афрум ахантәаҩы Аслан Барцыц, апартиа "Аиҭаира" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иулиан Бобуа.

"Иахьтәи аиԥылара ҳаԥсадгьыл азы акыр зҵазкуа азҵаарақәа ҳахьрылацәажәо аплатформа аԥҵараҿы актәи шьаҿаны иԥхьаӡазар ҟалоит", — ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, зегьы ргәаанагарақәа еиԥшымзаргьы, аҳәынҭқарреи ажәлари рзы реиҳа ихадоу, рлахьынҵа зыӡбараны иҟоу азҵаарақәа рҿы аӡәкны ишеидгылаша.
Бадра Гәынба иҳәеит аветеранцәа инарыгӡо ароль, инаҵшьны иазгәеиҭеит аибашьраан урҭ аҳәынҭқарра ахьчаразы ишеидгылаз еиԥш, иахьагьы ареспублика аҿиаразы аҽеидкылара шхымԥадатәиу.
"Шәара, Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапхгарала шәеидгыланы ҳаԥсадгьыл шәыхьчеит. Агәра ганы сыҟоуп, иахьагьы ҳҳәынҭқарра аҿиареи арӷәӷәареи рзы убасҵәҟьа ҳаидгылап ҳәа", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҿыц иаԥҵахо Аполитикатә мчқәа рабжьгаратә хеилак атәыла аҿиареи ахьыԥшымра арӷәӷәареи ирыдҳәалоу азҵаара хадақәа рыӡбаразы апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи зегьы рымчқәа аидкылара ахьрылшо ҭыԥны иҟаларц шахәҭоу.
Аиԥылара алахәылацәа еицҿакны иазгәарҭеит, Аԥсны ашәарҭадара аиқәыршәареи, атәыла ганрацәалатәи ацхыраара аҭара азҵаараҿи Урыстәыла ихадоу аиҩызаратә тәыла аҳасабала иааннакыло аҭыԥ.
Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Абжьгаратә хеилак хра злоу аицәажәареи атәылаз ихадоу азҵаарақәа рыӡбареи иазхиоу аполитикатә мчрақәа зегьы рзы ишаарту.
"Ҳара ҳаидгыланы ҳаиҿцәажәареи, аҳаҭыреиқәҵареи рыла ауп атәыла аҿиара шҳалшо, ҳауаажәлар ззықәԥоз аиқәырхара шауа", — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, ас еиԥш ахеилак аԥҵара аполитикатә мчқәа реидкылара арманшәалоит, атәыла аҭышәынтәалареи аҿиареи рзы акыр зҵазкуа, ҩ-ганктәи аицәажәара арӷәӷәара иацхраауеит ҳәа азгәеиҭеит.