https://sputnik-abkhazia.info/20260521/1063160753.html
Бадра Гәынба Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амш азы ааԥхьара ҟаиҵеит
Бадра Гәынба Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амш азы ааԥхьара ҟаиҵеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 21 — Sputnik. Бадра Гәынба Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амш азы ааԥхьара ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура... 21.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-21T12:24+0300
2026-05-21T12:24+0300
2026-05-21T12:53+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/06/1062796867_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_a8d359b4226d57efc754e9a9614e2b2e.jpg
АҞӘА, лаҵара 21 — Sputnik. Бадра Гәынба Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амш азы ааԥхьара ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, ари амш ҳҭоурых аҿы зегь раасҭа илахьеиқәҵагоу амҳаџьырра ашықәсқәа раан зыԥсадгьыл иахыгаз ҳауаажәлар ргәаларшәара ишазку. Иҳәеит иагьа аамҭа рацәа царгьы амҳаџьырра аԥсуаа иаҳнаҭаз ахьаа хҽышьа шамам. Гәынба иҳәеит, амҳаџьыр хылҵшьҭрақәа иахьа уажәраанӡагьы еиқәырханы ишаарго Аԥсны агәбылра, ҳбызшәа, ҳҵасқәа. Иахьа адунеи атәылақәа жәпакы рҿы нхо ҳџьынџьуаа рахь ихы нарханы атәыла ахада иҳәеит, иахьыҟазаалакгьы Аԥсны дара ишрыԥсадгьылу. Уи шыхьчатәу, ԥхьаҟа ишгалатәу."Ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра- ҳажәлар рзы баагәароуп, уи ауп алшара ҳазҭо ҳмилаҭ рыхьчаразы, ҳбызшәеи ҳдоуҳатә культуреи реиқәырхаразы", — ҳәа иҳәеит иара. Иара убас, Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аҭоурыхтә гәалашәара еиҵагыло абиԥарақәа рызнагара аҵак ду шамоу.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/06/1062796867_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_a2f030cf6bac09827e1d1939652f471d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
Бадра Гәынба Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амш азы ааԥхьара ҟаиҵеит
12:24 21.05.2026 (ирҿыцуп: 12:53 21.05.2026) АҞӘА, лаҵара 21 — Sputnik. Бадра Гәынба Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амш азы ааԥхьара ҟаиҵеит ҳәа
аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, ари амш ҳҭоурых аҿы зегь раасҭа илахьеиқәҵагоу амҳаџьырра ашықәсқәа раан зыԥсадгьыл иахыгаз ҳауаажәлар ргәаларшәара ишазку. Иҳәеит иагьа аамҭа рацәа царгьы амҳаџьырра аԥсуаа иаҳнаҭаз ахьаа хҽышьа шамам.
Гәынба иҳәеит, амҳаџьыр хылҵшьҭрақәа иахьа уажәраанӡагьы еиқәырханы ишаарго Аԥсны агәбылра, ҳбызшәа, ҳҵасқәа.
Иахьа адунеи атәылақәа жәпакы рҿы нхо ҳџьынџьуаа рахь ихы нарханы атәыла ахада иҳәеит, иахьыҟазаалакгьы Аԥсны дара ишрыԥсадгьылу. Уи шыхьчатәу, ԥхьаҟа ишгалатәу.
"Ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра- ҳажәлар рзы баагәароуп, уи ауп алшара ҳазҭо ҳмилаҭ рыхьчаразы, ҳбызшәеи ҳдоуҳатә культуреи реиқәырхаразы", — ҳәа иҳәеит иара.
Иара убас, Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аҭоурыхтә гәалашәара еиҵагыло абиԥарақәа рызнагара аҵак ду шамоу.