https://sputnik-abkhazia.info/20260604/1063476499.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум даҭааит. Аԥсны ахада афорум аҿы аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигараны дыҟоуп, урыстәылатәи арегионқәа... 04.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-04T13:01+0300
2026-06-04T13:01+0300
2026-06-04T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/04/1063476333_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_e96a0403bdde565b6bdcdeb2e420a709.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум даҭааит. Аԥсны ахада афорум аҿы аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигараны дыҟоуп, урыстәылатәи арегионқәа рхадацәеи иареи реиқәшәара уахь иналаҵаны. Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥыслоит рашәара 6-нӡа, уи иалахәуп аԥснытәи аделегациа. Зынӡа 50 тәыла рҟынтәи 20 нызқьҩык асасцәа раҭаара иазыԥшуп.
Бадра Гәынбеи Сантк-Петербург агубернатор Александр Беглови еиԥылеит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа рҟны. Иара аԥснытәи аделегациа гәыблыла иахьрыдыркылаз азы иҭабуп ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит ареспублика аҵак ҷыда шанаҭо урыстәылатәи арегионқәеи иареи реизыҟазаашьақәа рыҿиара. "Ҳара еицаҳзеиԥшу апроектқәа наҳагӡоит, аекономика, аҵарадырра, акультура русхкгьы уахь иналаҵаны. Арҭ ахырхарҭақәа ҳара ҳзы акырӡа рыҵаркуеит. Шәара шәыцхыраара, шәаԥшьгарақәа ирыбзоураны, ҳҿар Урыстәыла акультуратә ҳҭнықалақь аҭааразы алшарақәа рымоуп. Ҳәарада, акультурабжьаратә еицәажәарақәа иалдыршоит ҳажәларқәа реизааигәатәра", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа раԥхьаӡакәны арра-спорттә хәмарра "Аиааира ашьҭрақәлаҩцәа" иалахәхоит. Ауснагӡатә аартын Москва "Апатриот" апарк аҟны, Аиааира абираҟ зхагылоу Реихстаг ахыбра амакет аҿаԥхьа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра. Аицлабрақәа жәамш имҩаԥыслоит, ҩ-етапкны еихшоуп: урыстәылатәии жәларбжьаратәии. Аиааиразы иқәԥоит 32 команда: урыстәылатәи сувороваа, нахимоваа, акадетцәеи, аруаа қәыԥшцәеи, Аԥсни, Беларуссиеи, Ҟазахсҭани, Узбекисҭани рхаҭарнакцәеи.
Ахәыҷқәа рыхьчара амш азгәарҭеит Тҟәарчал. Ақалақь аҿы инхо ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа асаламшәҟәқәа ирынҵаны араион ахадарахь инарышьҭит. Урҭ дырлахҿыхуан аниматорцәа, асапыншәах ала еиҿкааз ашоу, ахаа-мыхаақәа рзыршеит, аҳауатә мпышҭа ду иақәдыртәеит.
Бадра Гәынба Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум даҭааит. Аԥсны ахада афорум аҿы аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигараны дыҟоуп, урыстәылатәи арегионқәа рхадацәеи иареи реиқәшәара уахь иналаҵаны. Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥыслоит рашәара 6-нӡа, уи иалахәуп аԥснытәи аделегациа. Зынӡа 50 тәыла рҟынтәи 20 нызқьҩык асасцәа раҭаара иазыԥшуп.Бадра Гәынбеи Сантк-Петербург агубернатор Александр Беглови еиԥылеит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа рҟны. Иара аԥснытәи аделегациа гәыблыла иахьрыдыркылаз азы иҭабуп ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит ареспублика аҵак ҷыда шанаҭо урыстәылатәи арегионқәеи иареи реизыҟазаашьақәа рыҿиара. "Ҳара еицаҳзеиԥшу апроектқәа наҳагӡоит, аекономика, аҵарадырра, акультура русхкгьы уахь иналаҵаны. Арҭ ахырхарҭақәа ҳара ҳзы акырӡа рыҵаркуеит. Шәара шәыцхыраара, шәаԥшьгарақәа ирыбзоураны, ҳҿар Урыстәыла акультуратә ҳҭнықалақь аҭааразы алшарақәа рымоуп. Ҳәарада, акультурабжьаратә еицәажәарақәа иалдыршоит ҳажәларқәа реизааигәатәра", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.Аԥснытәи ашколхәыҷқәа раԥхьаӡакәны арра-спорттә хәмарра "Аиааира ашьҭрақәлаҩцәа" иалахәхоит. Ауснагӡатә аартын Москва "Апатриот" апарк аҟны, Аиааира абираҟ зхагылоу Реихстаг ахыбра амакет аҿаԥхьа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра. Аицлабрақәа жәамш имҩаԥыслоит, ҩ-етапкны еихшоуп: урыстәылатәии жәларбжьаратәии. Аиааиразы иқәԥоит 32 команда: урыстәылатәи сувороваа, нахимоваа, акадетцәеи, аруаа қәыԥшцәеи, Аԥсни, Беларуссиеи, Ҟазахсҭани, Узбекисҭани рхаҭарнакцәеи.Ахәыҷқәа рыхьчара амш азгәарҭеит Тҟәарчал. Ақалақь аҿы инхо ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа асаламшәҟәқәа ирынҵаны араион ахадарахь инарышьҭит. Урҭ дырлахҿыхуан аниматорцәа, асапыншәах ала еиҿкааз ашоу, ахаа-мыхаақәа рзыршеит, аҳауатә мпышҭа ду иақәдыртәеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/04/1063476333_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_6b2fd8a59b02923228ebbef3bd594126.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио