Урыстәылатәи архәҭақәа аиланхарҭа Аҩадатәи Терса ахы иақәиҭыртәит
13:38 22.05.2026 (ирҿыцуп: 14:06 22.05.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 22 — Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа Запорожиетәи аобласт аҿы кыр зҵазкуаз аиланхарҭа Аҩадатәи Терса ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Лаҵарамза 16-22 рзтәи аусбарҭа адыррақәа:
Урыстәыла арбџьармчқәа зыҩаӡара ҳараку абџьари аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи рыла хыԥхьаӡара рацәалеи хә-гәыԥкны еизакызи ааха ҟарҵеит, урҭ ирыхҟьаны Украина ААК анаплакқәа, арбџьармчқәа рхы иадырхәо абылтәы-енергетикатә, атранспорттә, абаӷәазатә инфраструктура аобиектқәа, арратә аеродромқәа, аибыҭаратә цехқәа, БпЛА-қәеи аекипаж зҭам катерқәеи ахьыҵәаху, иахьынтәдәықәырҵо аҭыԥқәа, арбџьармчқәа рыруааи аҳәаанырцәтәи қьырала еибашьуеи аамҭалатәи ртәарҭа ҭыԥқәа ааха роуит.
Харьковтәи аобласт аҿы аиланхарҭақәа Волоховка, Шестеровка, Бороваиа, Кутьковка хылаԥшра рырҭоит.
Лаҵара 16-22 рзы, ажәыларатә адронқәа, аракетатә ар, Урыстәыла артиллериа иҭадырхеит РСЗО аибашьыгатә машьынақәа хәбеи зхала иныҟәо азениттә шьақәгыла "Gepard"-и.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит зымҩа иқәырҵо авиациатә бомбақәа 46, аицҭырҟьаратә система HIMARS, ареактивтә хқәаа хԥа, амҵәыжәҩа змоу ахара инеиуа аракета "Фламинго", ахаранеира лшара ду змоу аракета "Нептун-МД", украинатәи адронқәа 4184.
Амшынеиқәатә флот амчала амшын аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы иҭархоуп аекипаж зҭам Украина Арбџьармчқәа ркатерқәа 13.