https://sputnik-abkhazia.info/20260522/1063200320.html
Урыстәыла ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак изаамҭанытәым аилатәара мҩаԥнагарц аҳәара ҟанаҵоит
Урыстәыла ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак изаамҭанытәым аилатәара мҩаԥнагарц аҳәара ҟанаҵоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 22 — Sputnik. Урыстәыла Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак изаамҭанытәым аилатәара мҩаԥнагарц аҳәара ҟанаҵоит Украина Арбџьармчқәа... 22.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-22T16:21+0300
2026-05-22T16:21+0300
2026-05-22T16:54+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/09/1038573745_0:142:3139:1907_1920x0_80_0_0_e3fa111e80b03fd62a0c96c979b36784.jpg
АҞӘА, лаҵара 22 — Sputnik. Урыстәыла Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак изаамҭанытәым аилатәара мҩаԥнагарц аҳәара ҟанаҵоит Украина Арбџьармчқәа Старобельск азеиԥшнхарҭа иахьиеихсыз инамаданы ҳәа иҳәеит Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак ипресс-маӡаныҟәгаҩ Евгени Успенски.Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, ԥшьҩык ҭахеит, ахәрақәа роуит — 39-ҩык. Урҭ рахьтә жәаҩык ахәшәтәырҭахь инаргеит, хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп.Ахыбра ааха анаҭаз аамҭазы аколлеџь аҿы 14 инаркны 18 шықәса зхыҵуаз рҟынӡа 89-ҩык аҵаҩцәа ыҟан. Атеракт азы ашьаус хацыркуп.Аҭыԥ аҿы аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа ирыцҵоуп. Ахәыҷтәы омбудсмен Мариа Львова-Белова лажәақәа рыла, аилабгарақәа рыҵаҟа иҟазар алшоит даҽа 18-ҩык ахәыҷқәа.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/09/1038573745_203:0:2934:2048_1920x0_80_0_0_495ea7383357d23a1282cbd560981312.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәыла ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак изаамҭанытәым аилатәара мҩаԥнагарц аҳәара ҟанаҵоит
16:21 22.05.2026 (ирҿыцуп: 16:54 22.05.2026) АҞӘА, лаҵара 22 — Sputnik. Урыстәыла Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак изаамҭанытәым аилатәара мҩаԥнагарц аҳәара ҟанаҵоит Украина Арбџьармчқәа Старобельск азеиԥшнхарҭа иахьиеихсыз инамаданы ҳәа иҳәеит Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак ипресс-маӡаныҟәгаҩ Евгени Успенски.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, ԥшьҩык ҭахеит, ахәрақәа роуит — 39-ҩык. Урҭ рахьтә жәаҩык ахәшәтәырҭахь инаргеит, хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп.
Ахыбра ааха анаҭаз аамҭазы аколлеџь аҿы 14 инаркны 18 шықәса зхыҵуаз рҟынӡа 89-ҩык аҵаҩцәа ыҟан. Атеракт азы ашьаус хацыркуп.
Аҭыԥ аҿы аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа ирыцҵоуп. Ахәыҷтәы омбудсмен Мариа Львова-Белова лажәақәа рыла, аилабгарақәа рыҵаҟа иҟазар алшоит даҽа 18-ҩык ахәыҷқәа.