Алиса Гыцԥҳа лконкурс-лабораториатә еицлабра афинал мҩаԥгахоит Аԥсны
20:03 22.05.2026 (ирҿыцуп: 21:43 22.05.2026)

© Foto / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 22 — Sputnik. Алиса Гыцԥҳа лконкурс-лабораториатә еицлабра афинал мҩаԥгахоит Аԥсны.
▪Рашәара 15 рзы Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы "Оперная феерия" аатуеит.
▪Рашәара 17 рзы "Абжьи Ауарӷани. Наунагӡатәи аицәажәара" аконцерт мҩаԥысуеит Пицундатәи акафедралтә уахәамаҿы. Алауреатцәа дрыцықәгылоит Лука Гаделиа.
▪Рашәара 18 рзы Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы даҽа концертк имҩаԥысуеит.
Арҭ аконцертқәа ихдыркәшуеит ақалақьқәа Новосибирск, Красноиарск, Белгород, Москва, Казань, Нижни Новгород рҟны ицоз аицлабра агастрольқәа IV ахәҭа.
"Аурыс-аԥсуа шәаҳәаҩык лаҳасабала сара сзы гәахәара дууп Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи иналукааша алахәылацәа Аԥсныҟа раагара. Амузыка еснагь ҳәаа змам еиҿцәажәаран иаанхоит", — лҳәеит Гыцԥҳа.
Аконцертқәа мҩаԥгахоит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонди Аԥсны аиҳабыреи рыцхыраарала.