Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи игәалашәара аныҳәамш аҽны анцәаимҵаныҳәара мҩаԥысит Москва иҟоу Донтәи ставропигиалтә ахацәа рберҭыԥ аҿы.
13:22 23.05.2026 (ирҿыцуп: 13:26 23.05.2026)
© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи игәалашәара аныҳәамш аҽны анцәаимҵаныҳәара мҩаԥысит Москва иҟоу Донтәи ставропигиалтә ахацәа рберҭыԥ аҿы.
Анцәаимҵаныҳәара мҩаԥигеит аберҭыԥ Аԥшьаҩ-еиҳабы, Каширтәи амитрополит Феогност, уи ицымҩаԥыргон аберҭыԥ аҿы инхо ажәырқьԥшьаҩы Арсен (Џьелиа), аиеродикәан Гьаргь (Аиба).
Анцәаимҵаныҳәара иалахәын ауахәама аҭааҩцәеи, аҳаџьцәеи, Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи. Дара рзы ари амш аҵак ҷыда амоуп, избанзар Симон Канатәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа дыруаӡәкын, Аԥсны аиашахаҵаратә дин алазырҵәоз цҳаражәҳәаҩын, уи дахылаԥшоит ҳәа дыԥхьаӡоуп.