АҩАР аделегациа усутә ныҟәарала Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь ицеит
14:27 23.05.2026 (ирҿыцуп: 16:12 23.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 23 — Sputnik. Аԥсны АҩАР аделегациа усутә ныҟәарала Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь ицеит.
Ахықәкы — аҭҵаара-криминалистика аус аҿы аԥхьагылара змоу аԥышәа аҭҵаара, акадрқәа разыҟаҵара, аматериал-техникатә еиқәыршәара азҵаарақәа рыӡбара.
АҩА рминистр Роберт Кьиут дырҭааит Цхьынвал иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ринформациа-хылаԥршатә центр, иара убас Даӷьсҭан иҟоу АҩАР аҭҵаара-криминалистикатә центр.
Азинхьчаратә усбарҭа аделегациа рныҟәара — Аԥсны АҩАР аҟны ҳаамҭазтәи аҭҵаара аиҿкааразы зымҽхак ҭбаау апроект иахәҭакуп, уи иалнаршоит адәныҟатәи акриминалистикатә центрқәа рыцхыраарада аусура.
Аԥсны еиҳа ирҭаху аҭҵаарақәа рыхкқәа рсиа аус адырулоит: агенетикатә ДНК-ҭҵаарақәа, автотехникатә, акомпиутер-техникатә, алингвистикатә, аргылара-техникатә, афинанс-економикатә тҵаарақәа.