Асовет математик Илиа Векуа игәалашәара иазкыз алекциа мҩаԥысит ААУ аҟны
17:55 23.05.2026 (ирҿыцуп: 19:28 23.05.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 23 — Sputnik. Асовет математик Илиа Векуа игәалашәара иазкыз алекциа мҩаҧысит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.
Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Жәлар рдипломатиа ацентр Новосибирсктәии Аԥснытәии аҳәынҭқарратә университетқәа рыцхыраарала.
Уи аҵарауаҩ игәалашәара аиқәырхара, аҭҵааара-ҵарадырратә еимадарақәа рырӷәӷәара, жәларбжьаратәи аусеицура арҭбаара хықәкыс изауз апрограмма иахәҭакхеит ҳәа рҳәеит ЖәРА аҿы.
ААУ аҭҵаарадырратә библиотека ҳамҭас иаҭан Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә университет ашьаҭаркра аҭоурых иазку агәалашәаратә ҭыжьымҭа.
Илиа Векуа — асовет ҵарауаҩ- аматематик, амеханик, академик диит Шьешьелеҭ ақыҭан 1907 шықәса рзы.
Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә университет раԥхьатәи аректор иакәын. Гал агәҭа иҟоу апарк ихьӡ ахҵоуп, уаҟа амемориалтә ӷәы аартуп.