Аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа Старобельскҟа инеит Украина атеракт ахьымҩаԥыргаз аҭыԥ ахь
10:58 24.05.2026 (ирҿыцуп: 16:57 24.05.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 24 — Sputnik. 50-ҩык инареиҳаны аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа Старобельскҟа ицеит Украина Арбџьармчқәа атеракт ахьымҩаԥыргаз аҭыԥ ахь. Абри атәы лҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мария Захарова.
"Иахьа ЛЖәР ахь инеит 19 тәыла рҟынтәи АИХ-қәа рхаҭарнакцәа: Австриа, Бразилиа, Британиа, Венгриа, Венесуела, Германиа, Грециа, Испаниа, Италиа, Катара, Китаи, Куба, Ливан, Еиду Арабтәи Аемиратқәа, Пакистан, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Ҭырқәтәыла, Финлиандиа, Франциа", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Старобельскҟа ацара мап ацәыркит BBC ажурналистцәа, CNN ахаҭарнакцәа аԥсшьара мшқәа рымоуп ҳәа рҳәеит, Иапониатәи ажурналистцәа ракәзар ЛЖәР аҿы иҟалаз атеррористтә қәлара алацәажәара азин рырымҭеит.
