Аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа иддырбеит Старобельсктәи аколлеџьи азеиԥшнхарҭеи ааха иарҭаз
15:54 24.05.2026 (ирҿыцуп: 17:01 24.05.2026)

© Foto / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
Украина Арбџьармчқәа лаҵара 22 руха ЛЖәР Старобельск аколлеџьи азеиԥшнхарҭеи адронқәа рыла иақәлеит. Ахыбраҟны 14-18 шықәса зхыҵуаз 86-ҩык ахбыҿқәа ыҟан, 21-ы ҭахеит.
АҞӘА, лаҵара 24 — Sputnik. Аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа Старобельсктәи аколлеџьи азеиԥшнхарҭеи адронқәа рыла иарҭаз ааха ддырбеит.
ЛЖәР иаҭааит 19 тәыла рҟынтәи 50-ҩык инареиҳаны АИХ-қәа рхаҭарнакцәа. Аҭыԥ аҿы аус луан Урыстәыла ауаҩы изинқәа рыхьаразы азинмчы змоу Иана Лантратова.
Аомбудсмен илҳәеит, еилабгаз ахыбра аҿы аиқәырхаратә усмҩаԥгатәқәа анымҩаԥыргоз аамҭазы Украина Арбџьармчқәа ҩаԥхьа ажәылара рҽазыршәоз, насгьы аамҭа-аамҭала ахыбра арҭҟәацгақәа шагәыдырҵуаз астудентцәа реиқәырхара ишаҿыз шырдыруазгьы.
Лара лажәақәа рыла, аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа ирбароуп ааха зырҭаз ахыбра ааигәа-сигәа арратә ргылара ҳәа акагь шгылам.
Лантратова ари ахҭыс аибашьратә цәгьоуроуп ҳәа ахҳәаауа илҳәеит, "Старобельсктәи ашьра" Киевтәи арежим ахарадҵаратә усшәҟәы ишаҵанакуа.
Аомбудсмен лажәақәа рыла, уаҟа арыцқьарақәа цоит: аҭыԥаҿы аус руеит аиқәырхаҩцәеи, амедусзуҩцәеи, апсихологцәеи, ахатәгәаԥхарауааи, ааха зауз рыуацәа рзы аамҭалатәи анхарҭатә ҭыԥқәа аԥҵоуп.