https://sputnik-abkhazia.info/20260524/1063239803.html
Адгәыр Гәынба афестиваль аҿы атопонимикеи, ашәарыцареи, абна бызшәеи рзы алекциа даԥхьеит
Адгәыр Гәынба афестиваль аҿы атопонимикеи, ашәарыцареи, абна бызшәеи рзы алекциа даԥхьеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 24 — Sputnik. Афонҿыцтәи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа алекциақәа рҟны Аԥсны атопонимика, абна абызшәа, ашәарах рынцәахәы, иԥшьоу... 24.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-24T19:22+0300
2026-05-24T19:22+0300
2026-05-24T20:28+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/18/1063240560_0:545:720:950_1920x0_80_0_0_3903c07a20f61edd84f260dc81f704c1.jpg
АҞӘА, лаҵара 24 — Sputnik. Афонҿыцтәи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа алекциақәа рҟны Аԥсны атопонимика, абна абызшәа, ашәарах рынцәахәы, иԥшьоу ашьхақәа рҟны ахымҩаԥгашьа уҳәа ртәы дазааҭгылеит ажурналист Адгәыр Гәынба. Ианакәзаалакгьы аԥсуаа ихарҵон ашьхақәеи ашәарахи анцәахәқәа шрымоу. Убри аҟнытә ишакәым ашьха рхы мҩаԥыргом, урҭ аҵасқәа иахьа уажәраанӡа ҳабацәа урҭ рабдуцәа рҟынтә еиқәырханы иааргоит иҳәеит иара. Иазгәеиҭеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы изныкымкәа атуристтә сааитқәа рҟны ашьха ахымҩаԥгашьа атәы шанырҵахьоугьы, аилагарақәа аҭыԥ шрымоу."Ашьха рыҽхтны аныҟәара, аӡиақәа рҭалара зынӡа иҵасым ҳәа иԥхьаӡоуп, уи ҳара ҳаиҳабацәа, ҳабдуцәа иԥыршәахьан. Ус ианыҟала амшцәгьакәа рацәаны иацын, адыд-мацәыс ҟалар алшон, арахә аԥхасҭа роуан. Аха иахьа ус еиԥш иҟоу изныкымкәа-ҩынтәымкәа ҳалаԥш иҵашәахьеит", — иҳәеит Гәынба.Иара убас Гәынба атопонимика дазааҭгыло иҳәеит, Аԥсны агеи ашьхеи 4 000 инареиҳаны атопоним хьыӡқәа аҵарауаҩ Кәарҷиа ашәҟәы ишаниҵахьоу. Ари ҳбызшәа абеиара ауп ҳәа азгәеиҭеит иара.
https://sputnik-abkhazia.info/20260524/1063239555.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/18/1063240560_0:477:720:1017_1920x0_80_0_0_8c96c39723bf9d6ca080361b34b868dc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
АҞӘА, лаҵара 24 — Sputnik. Афонҿыцтәи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа алекциақәа рҟны Аԥсны атопонимика, абна абызшәа, ашәарах рынцәахәы, иԥшьоу ашьхақәа рҟны ахымҩаԥгашьа уҳәа ртәы дазааҭгылеит ажурналист Адгәыр Гәынба.
Ианакәзаалакгьы аԥсуаа ихарҵон ашьхақәеи ашәарахи анцәахәқәа шрымоу. Убри аҟнытә ишакәым ашьха рхы мҩаԥыргом, урҭ аҵасқәа иахьа уажәраанӡа ҳабацәа урҭ рабдуцәа рҟынтә еиқәырханы иааргоит иҳәеит иара.
Иазгәеиҭеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы изныкымкәа атуристтә сааитқәа рҟны ашьха ахымҩаԥгашьа атәы шанырҵахьоугьы, аилагарақәа аҭыԥ шрымоу.
"Ашьха рыҽхтны аныҟәара, аӡиақәа рҭалара зынӡа иҵасым ҳәа иԥхьаӡоуп, уи ҳара ҳаиҳабацәа, ҳабдуцәа иԥыршәахьан. Ус ианыҟала амшцәгьакәа рацәаны иацын, адыд-мацәыс ҟалар алшон, арахә аԥхасҭа роуан. Аха иахьа ус еиԥш иҟоу изныкымкәа-ҩынтәымкәа ҳалаԥш иҵашәахьеит", — иҳәеит Гәынба.
Иара убас Гәынба атопонимика дазааҭгыло иҳәеит, Аԥсны агеи ашьхеи 4 000 инареиҳаны атопоним хьыӡқәа аҵарауаҩ Кәарҷиа ашәҟәы ишаниҵахьоу. Ари ҳбызшәа абеиара ауп ҳәа азгәеиҭеит иара.