Аԥсны иаԥҵахоит алитературазы Даур Занҭариа ихьӡ зху апремиа
12:01 25.05.2026 (ирҿыцуп: 12:43 25.05.2026)

© Foto / из архива семьи Зантария
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 25 — Sputnik. Аԥсны иаԥҵахоит алитературазы Даур Занҭариа ихьӡ зху апремиа.
Уи ранашьахоит аԥсышәалеи урысшәалеи иҩу арҿиамҭақәа.
Ари агәҭакы рҳәеит ашәҟәыҩҩы диижьҭеи 73 шықәса аҵра инамаданы аҳәынҭқарра ахада иԥылара иалахәыз.
Бадра Гәынба ари аидеиа дадгылеит.
Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист Даур Занҭариа диит лаҵара 25 1953 шықәсазы.
Иара дравторуп аҭоурыхтә романқәа, ажәабжь кьаҿқәа "Чу Иақәыԥ илахьынҵа", "Енџьи-Ҳаным, анасыԥ зцәыӡыз", "Ашәаҳәаҩ имш" уҳәа убас иҵекгьы. Иара ипрозаҿы иааирԥшит аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара, аҵасқәа, ақьабзқәа, аишәачарақәа, алегендақәа, иахьатәи аамҭа.