00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысуеит ашәҟәы "Даур Занҭариа: Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" аӡыргара

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация книги "Даур Зантария. Книга, найденная в Сухуме" проходит в фойе Абхазского театра
Презентация книги Даур Зантария. Книга, найденная в Сухуме проходит в фойе Абхазского театра - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 25 — Sputnik. Аԥсуа драматә театр афоие аҿы имҩаԥысуеит ашәҟәы "Даур Занҭариа: Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" аӡыргара.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, ашәҟәы автор Максим Гуреев, ашәҟәыҩҩы иҭаацәа, арҿиаратә интеллигенциа, ауаажәларра.
"Даур иниҵаз 48 шықәса ирылагӡаны илшеит, акритикцәеи ауаажәларреи рҟынтәи абзиабара ду зауз аԥсышәалеи аурыс бызшәалеи аҩымҭақәа раԥҵара. Иара аԥсуеи адунеизегьтәи акультуреи рзы акыр зҵазкуа аҭынха нижьит", — ҳәа иҳәеит ашәҟәыҩҩы Даур Начҟьебиа.
Иара иазгәеиҭеит, Даур Занҭариа иԥсҭазаара зегьы зныԥшуа ашәҟәы шиҩыз, зыгәаанагара адунеи зегьы аҿы ахә ҳаракны иршьо, еицырдыруа урыстәылатәи ашәҟәыҩҩы, асценарист, арежиссиор Максим Гуреев.
Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Аԥсны аиҳабыра, Циза Гәымԥҳа напхгара зылҭо агәыҳалалратә ауаажәларратә еиҿкаара "Амилаҭ малқәа", иара убас Аԥсны аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Даур Начҟьебиеи рыцхыраарала.

Аԥсуа шәҟәыҩҩы, аҭоурыхтә романқәеи ажәабжьқәеи равтор Даур Занҭариа диит лаҵара 25 1953 шықәсазы.

Ипрозаҿы иара иааирԥшит аԥсуа қыҭа ԥсҭазаара, аҵасқәеи ақьабзқәеи, аишәачарақәа, алегендақәа, иахьатәи аамҭа.
Даур Зантария  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2026
Аԥсны
Аԥсны иаԥҵахоит алитературазы Даур Занҭариа ихьӡ зху апремиа
Ажәабжьқәа зегьы
0