Аԥсны раԥхьатәи лаҵарамзатәи ачаи ахыхра иаарласны ихыркәшахоит
15:23 29.05.2026 (ирҿыцуп: 15:46 29.05.2026)

© Sputnik / Нина Зотина
Анапаҵаҩра
Асовет аамҭазы Аԥсны еицырдыруан ачаирҭақәа рыла, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи аибашьра ашьҭахь, урҭ акыр гәыгәҭажьхеит.
АҞӘА, лаҵара 29 — Sputnik. Аԥсны раԥхьатәи лаҵарамзатәи ачаи ахыхра иаарласны ихыркәшахоит.
Ачаи хырхуеит Очамчыра араион Кәтол ақыҭан иҟоу ачаирҭақәа рҿы. Аҽаҩра ҿыц аус адуларахь инарышьҭхьеит.
Ачаи хырхуеит Очамчыра араион Кәтол ақыҭан иҟоу ачаирҭақәа рҿы. Аҽаҩра ҿыц аус адуларахь инарышьҭхьеит.
Адгәыр Гьергьиа ичаирҭа ареспубликаҿы иреиҳау ҳәа иԥхьаӡоуп. Араҟа ачаи аадрыхуеит, абӷьы еизыргоит, аус адырулоит, иара убас ачаирҭақәа реиҭашьақәыргыларагьы иаҿуп.
"20 мшы иреиҳауп, 25 мшы инарзынаԥшуа иҵуеит лаҵарамзатәи ачаи ахыхра ҳалагеижьҭеи", — ҳәа еиҭеиҳәеит Гьергьиа.
Иара иажәақәа рыла, ааԥын иҟаз ахьшәашәарақәа ачаи аизҳара ианырит, аха асезон ӷәӷәала ианымԥшит.

"Амш ҳәарада аарыхрагьы ачаирҭақәаргьы ирныруеит. Аха ашшра гәнаҳароуп", — ҳәа азгәеиҭеит ачаиааӡаҩ.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы анхамҩа аарыхратә лшарақәа ирыцырҵеит. Амаругақәа реиҭарҿыцра ашьҭахь, ачаи бӷьы аус адулара амҽхак уахыки-ҽнаки рыла 400 кьыла инаркны 600-650 кьыла рҟынӡа еиҳахеит.
Гьергьиа иажәақәа рыла, аԥсуа чаи агьама ҷыда аҭыԥантәи аҳауеи аекологиеи акыр ирыдҳәалоуп.
"Иарбанзаалак аҽа чаихкыкк ҳаԥсуа чаи иузадкылом. Араҟа асубтропикатә ҳауатә ҭагылазаашьеи аекологиеи цқьоуп", — ҳәа иԥхьаӡоит иара.