https://sputnik-abkhazia.info/20260529/arukhaai-ykyrai-azaagyleit-donetskti-rgastrola-shymaysyz-aty-1063367541.html
Арухааи Џьыкырԥҳаи азааҭгылеит Донецктәи ргастрольқәа шымҩаԥысыз атәы
Арухааи Џьыкырԥҳаи азааҭгылеит Донецктәи ргастрольқәа шымҩаԥысыз атәы
Sputnik Аҧсны
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рмызукатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә аоркестр Донецк имҩаԥнагаз агастрольқәа ртәы иазааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҿы аоркестр... 29.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-29T19:00+0300
2026-05-29T19:00+0300
2026-05-29T19:32+0300
аԥсны
авидеонҵамҭақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/1d/1063368119_0:64:1280:784_1920x0_80_0_0_25a3faf9b2a748664551bca0c9ad1105.jpg
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рмызукатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә аоркестр Донецк имҩаԥнагаз агастрольқәа ртәы иазааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҿы аоркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухааи аԥхьарцарҳәаҩы Радима Џьыкырԥҳаи.Ауаа ашәарҭара ишҭагылазгьы иааины аконцерт иахьахәаԥшыз ԥхарран ҳгәаҿы иаанхоит ҳәа иҳәеит Арухаа. Аԥхьарцарҳәаҩы Радима Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, аоркестр аҿы аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа зегь цәыргоуп — аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа, абыкь, ачамгәыр уҳәа, аха ахәаԥшцәа азҿлымҳара ду рызцәырнагеит ахымаа абжьы, аиқәыршәашьа, ахархәашьа. Шәахәаԥш арадиостудиа аҟнытә анҵамҭа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/1d/1063368119_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_fad2a4d78ad71e81d15a2c4a40e1dbb7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
авидеонҵамҭақәа, аԥсны, видео
авидеонҵамҭақәа, аԥсны, видео
Арухааи Џьыкырԥҳаи азааҭгылеит Донецктәи ргастрольқәа шымҩаԥысыз атәы
19:00 29.05.2026 (ирҿыцуп: 19:32 29.05.2026) Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рмызукатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә аоркестр Донецк имҩаԥнагаз агастрольқәа ртәы иазааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҿы аоркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухааи аԥхьарцарҳәаҩы Радима Џьыкырԥҳаи.
Ауаа ашәарҭара ишҭагылазгьы иааины аконцерт иахьахәаԥшыз ԥхарран ҳгәаҿы иаанхоит ҳәа иҳәеит Арухаа.
Аԥхьарцарҳәаҩы Радима Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, аоркестр аҿы аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа зегь цәыргоуп — аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа, абыкь, ачамгәыр уҳәа, аха ахәаԥшцәа азҿлымҳара ду рызцәырнагеит ахымаа абжьы, аиқәыршәашьа, ахархәашьа. Шәахәаԥш арадиостудиа аҟнытә анҵамҭа.