00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Дополнительное время
14:46
14 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
31 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Ақырҭаа имҩаду аҿы аԥсыҭбара зцу амҩатә машәыр зыхҟьаз иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина МВД Абхазии
Машина МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2026
Анапаҵаҩра
Амҩатә машәыр иахҟьаны ҩыџьа арԥарцәа ҭахеит, аӡәы ареанимациахь днагоуп.
АҞӘА, рашәара 1 — Sputnik. Ақырҭаа имҩаду аҿы иҟалаз амашәыр ахҟьеит амашьына BMW аныҟәцаҩ аԥсҟы изаанымкылаӡакәан ашьаҟа дахьасыз ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.

Иҭахеит 27 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа ауаа. Даҽа аӡәы, 24 шықәса зхыҵуа еиуеиԥшым ааха ӷәӷәаақәа иманы ахәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп.

"Ари амашәыр — аҭаацәа рзы, ҳажәлар зегьы рзы ихлымӡаах дууп. Асеиԥш ахҭысқәа даҽазныкгьы иаҳгәаладыршәоит амҩаҿы ашәарҭадара аԥҵара ҳара ишаҳуалу", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҩӡба.
Иара аҭаацәа ааиԥхьеит рхәыҷқәеи рыхбыџқәеи амашьына аныҟәцаратә культура рыларааӡарац, иара убас дара амҩатә ԥҟарақәа еиларымгаларц уи ҿырԥшыгас ишьҭырымкаарц азы.
Дамеи Аҩӡба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ААИ аусзуҩцәа рымчқәа еизакны аус шыруа. Аусзуҩцәа реизымхара шыҟоугьы, ишәарҭоу амҩатә ҭыԥқәа рҿы ахылаԥшратә гәаҭара ӷәӷәақәа шымҩаԥырго, иара убас ашколқәа рҿы апрофилактикатәи амашьынаныҟәцаҩцәа рырккаратә усмҩаԥгатәқәеи шеиҿыркаауа атәы.

"Аха аҳәынҭавтоинспекциа русура арӷәӷәара мацара азхом. Ҳара ауаажәларратә дгылара ҳҭахуп. Иҭахаз аҿар ргәалашәара гәҽанҵараны иаҳзыҟалароуп. Ас еиԥш арыцҳарақәа уаҳа иҟамларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵап", —иҳәеит иара.
Машины милиции Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2026
Аԥсны
Аҟәа иаха амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0