Ахәыҷқәа рыхьчара амш инамаданы Аҟәа ихацыркхеит акциа "Иқьиоу акартош"
13:54 01.06.2026 (ирҿыцуп: 14:16 01.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Акциа еизнаго аԥарақәа зегьы афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ԥшьҩык ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазырхахоит.
АҞӘА, рашәара 1 — Sputnik. Ахәыҷқәа рыхьчара амш инамаданы Аҟәа ихацыркхеит акциа "Иқьиоу акартош".
Сынтәа ари акциа жәантәуп агәыҳалалратә фонд "Ашанеи" ақьафурҭатә ҳақәа "Aburger"-и еиҿыркаауеижьҭеи.

Ақьафурҭатә ҳақәа "Aburger" анапхгаҩы Лолита Агырԥҳа илҳәеит дара афонд "Ашана" имҩаԥнаго аусқәа еснагь ирылшо ала рхы аладырхәуеит, аха ари акциа еснагь инарҭбаан имҩаԥыргоит.
Афонд амедицинатә программақәа рнаԥхгаҩы Фатима Ҵәыџьԥа лажәақәа рыла, акартош аҭира иаҭныҵуа аԥарақәа зегьы ӷәӷәала ичмазаҩу ԥшьҩык ахәыҷқәа рыхәшәтәрахь ишдәықәҵахо.
Иҳаҩсыз ашықәс азы арекорд шьақәдыргылеит. Акциа еизнагеит 170-нызқь мааҭ инареиҳаны.
"Еицырдыруа кассирцәан" иҟалоит аԥсуа чынуаа, артистцәа, актиорцәа, аблогерцәа, амедусзуҩцәа.
"Акциа мҩаԥысуеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Асааҭ 19:00 рзы алотереиа мҩаԥгахоит, уаҟа ақьафурҭақәа ирҭаауа анаплакҩцәа-аус рыцызуа рҟынтә аҳамҭақәеи асертификатқәеи ранашьахоит.