Аԥхынтәи аҵара аамҭа иалагеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәеи аҟәшақәеи зегьы рҿы
15:57 01.06.2026 (ирҿыцуп: 16:14 01.06.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Рашәара 1 инаркны архәҭақәа рахь инашьҭуп Атәылахьчара аминистрра агәыԥ ҷыдақәа.
АҞӘА, рашәара 1 — Sputnik. Аԥхынтәи аҵара аамҭа иалагеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәеи аҟәшақәеи зегьы рҿы.
Рашәара 1 инаркны архәҭақәа рахь инашьҭуп Атәылахьчара аминистрра агәыԥ ҷыдақәа. Афицарцәа рнапынҵақәа рахь иаҵанакуеит аҭыԥантәи адҵаҟаҵара ацхыраара рыҭареи аибашьратә зыҟаҵара аиҿкаара ахылаԥшреи.
Дара игәарҭоит аибашьратә зыҟаҵара, адҵаҟаҵара аиҿкаашьа, арҵага-материалтә база аиқәыршәашьа иахьынӡазхиоу.
Актәи амш азы аруаа аҭааит ауаажәларра-ҳәынҭқарратә, амцарцәаратә, арра-медицинатә ҽазыҟаҵареи, ахысреи арратә техника ахархәареи раан ашәарҭадаратә уснагӡатәқәеи рзы аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуа.
Уаҵәы атактика-цәаҳәақәгыларатә зыҟаҵарақәа ирылагоит, урҭ иреиуахоит ашәарҭарадырра рылаҳәараан ахымҩаԥгашьақәа аус рыдуларазы аҽазыҟаҵарагьы.