00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Абхазский туррынок: риски для малого бизнеса или сезонные колебания?
18:49
26 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа акассирцәа Ахәыҷқәа рыхьчара амш азы агәыҳалалратә акциа "Иқьиоу акартош" рхы аладырхәит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба, аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, асоциалтә еиқәыршәара аминистр Кама Аӡынԥҳа, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз уҳәа 30-ҩык рҟынӡа ачынуаа, ашәаҳәаҩцәа, актиорцәа, аблогерцәа, амедусзуҩцәа. Акциа еиҿыркааит агәыҳалалратә фонд "Ашанеи" иааинырсланы акрыфаразы ақьафурҭатә ҳақәа "Абургери". Ахәыҷқәа рзы иаздырхиеит аниматорцәеи, илахҿыху амузыкеи, ахәмаррақәеи зцу арлахҿыхратә программа. Аҟәа ауааԥсыреи асасцәеи рзы дықәгылеит Аԥсны жәлар рартист Лиудмила Гәынԥҳа.
Аԥхынтәи аҵара аамҭа иалагеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәеи аҟәшақәеи зегьы рҿы. Рашәара 1 инаркны архәҭақәа рахь инашьҭуп Атәылахьчара аминистрра агәыԥ ҷыдақәа. Афицарцәа рнапынҵақәа рахь иаҵанакуеит аҭыԥантәи адҵаҟаҵара ацхыраара рыҭареи аибашьратә зыҟаҵара аиҿкаара ахылаԥшреи. Дара игәарҭоит аибашьратә зыҟаҵара, адҵаҟаҵара аиҿкаашьа, арҵага-материалтә база аиқәыршәашьа иахьынӡазхиоу. Актәи амш азы аруаа аҭааит ауаажәларра-ҳәынҭқарратә, амцарцәаратә, арра-медицинатә ҽазыҟаҵареи, ахысреи арратә техника ахархәареи раан ашәарҭадаратә уснагӡатәқәеи рзы аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуа.
Ашколхәыҷқәа рыбжьара ареспубликатә аҽыспорттә еицлабрақәа хацыркуп Дәрыԥшь. Аҽыуаа еиԥхныҩлоит 1200 метра абжьаӡараҟны, ихәмарует ҽыла ампыласреи, аҵәеигәыдҵеи рыла, иара убас ихысуеит ахыци ахәымпали рыла ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. Акомандатә еицлабра рхы аладырхәуеит Ҟәланырхәа, Лыхны, Дәрыԥшь ақыҭақәа рҟынтә ашколхәыҷқәа. Аҽырыҩреи ахыци ахәымпали рыла ахысреи иалахәуп хҩык аспортсменцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ дыҟоуп ӡӷабкгьы.
"Атлет ҿарацәа рлига — 2026" аихшьаалақәа ҟаҵоуп. Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Дамир Аџьиеви Агниа Кәарҷиаԥҳаи. "Араӡны" роуит Осман Ҳагбеи Софиа Чаабалԥҳаи, "Аџьаз" – Лионель Чаабалԥҳаи Амелиа Адлеиԥҳаи ҳәа аанацҳауеит "Аԥсны акоманда". Урҭ агәалашәаратә ҳамҭақәеи ахаа-мыхаақәеи роуит. Иара убас, алахәылацәа сынтәа раԥхьатәи ацирк ақәгыларахь 20 билеҭ рзыршеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0