Гагратәи адельфинариаҿы ахәыҷтәы реабилитациатә центр аатит
20:38 01.06.2026 (ирҿыцуп: 22:13 01.06.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 1 — Sputnik. Гагратәи адельфинариаҿы ахәыҷтәы реабилитациатә центр аатит.
Уаҟа иҟоуп амшынҳәақәа рыцхыраарала ахәшәтәра азы иҷыдоу ауада, насгьы хаҭалатәии гәыԥлатәии асеансқәа рзы иманшәалоуп. Ацентр аҿы есыҽны згәабзиара ԥку 20-ҩык ахәыҷқәа рыдкылара алшоит.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иахьа ацентр даҭааит. Ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи аневролог Альбина Хоџьааԥҳаи.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, атәылаҿы ахәыҷқәа рзы ареабилитациатә центрқәа шырзымхо. Аҳәынҭқарра ас еиԥш аусбарҭақәа адгылара анаҭароуп атәылауаа Аԥсны аҩнуҵаҟа атерапиа роурц азы ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.