https://sputnik-abkhazia.info/20260604/1063479735.html
ПЖәАФ аҟны Аԥсни Никарагуеи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит
ПЖәАФ аҟны Аԥсни Никарагуеи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 4 — Sputnik. Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Бадра Гәынбеи Никарагуа ацхадацәа рхаҭарнак ҷыда Лауреано Факундо Ортега Мурильои ПЖәАФ... 04.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-04T13:55+0300
2026-06-04T13:55+0300
2026-06-04T14:30+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/04/1063470648_0:141:3139:1907_1920x0_80_0_0_abd6887564b4fc28e6cc51980ae7fe6b.jpg
АҞӘА, рашәара 4 — Sputnik. Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Бадра Гәынбеи Никарагуа ацхадацәа рхаҭарнак ҷыда Лауреано Факундо Ортега Мурильои ПЖәАФ аҟны.Гәынба иазгәеиҭеит Манагуеи аԥснытәи аҳҭнықалақьи аспорти, аҵареи, акультуреи рхырхарҭақәа рыла реизыҟазаашьа арҭбаара ишазхиоу.Бадра Гәынба иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа шаиҭаз ареспублика ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа аус рыцура дырӷәӷәарц, Никарагуа ацхадацәа Даниель Ортегеи Росарио Мурильои ааԥхьара риҭеит Аԥсны иаҭаарц.Лауреано Ортега иакәзар Бадра Гәынба Манагуаҟа ааԥхьара ииҭеит Асандинисттә револиуциа аныҳәа иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы.
https://sputnik-abkhazia.info/20260604/1063468745.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/04/1063470648_205:0:2936:2048_1920x0_80_0_0_540b0910c19800ca52240ef446e32a0c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
ПЖәАФ аҟны Аԥсни Никарагуеи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит
13:55 04.06.2026 (ирҿыцуп: 14:30 04.06.2026) АҞӘА, рашәара 4 — Sputnik. Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Бадра Гәынбеи Никарагуа ацхадацәа рхаҭарнак ҷыда Лауреано Факундо Ортега Мурильои ПЖәАФ аҟны.
Гәынба иазгәеиҭеит Манагуеи аԥснытәи аҳҭнықалақьи аспорти, аҵареи, акультуреи рхырхарҭақәа рыла реизыҟазаашьа арҭбаара ишазхиоу.
"Ҳаамҭазтәи акоммуникациақәеи атехнологиа ҿыцқәеи ршәышықәсазы аицәыхарара— аусеицуразы ԥынгылан изыҟалом", — иҳәеит иара.
Бадра Гәынба иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа шаиҭаз ареспублика ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа аус рыцура дырӷәӷәарц, Никарагуа ацхадацәа Даниель Ортегеи Росарио Мурильои ааԥхьара риҭеит Аԥсны иаҭаарц.
Лауреано Ортега иакәзар Бадра Гәынба Манагуаҟа ааԥхьара ииҭеит Асандинисттә револиуциа аныҳәа иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы.